歌詞

Исгәалашәоит уи амш илашоз амра анҭашәаз
Ибылуаз са сгәы ԥшқа иазеилымкааит изыниаз
Уа сылабжыш, сгәырҩа, ахьаақәа зцу ақәа
Сгәаҵа иалсны илеиуан, аха сыԥшуан ԥхьаҟа
Са сыбзиабара саԥылон
Амҩа иқәлан ишаауаз збауан
Са сыԥсҭазаара шьҭа ишәҭуа
Уи сама ицоит, сагоит иара
Сагоит хара
Аҭынчра еилазгаз амшын сгәаҿы еисуан
Аха сеиқәнархон сгәыӷрақәа ирылхыз ахан
Иҟан лашарбагак, илашон хара
Анаҟә салсуан
Зегь акоуп мчыла сцон ԥхьаҟа
Са сыбзиабара саԥылон
Амҩа иқәлан ишаауаз збауан
Са сыԥсҭазаара шьҭа ишәҭуа
Уи сама ицоит, сагоит иара
Сагоит хара
Сгәы абжьы цқьа еснагь исаҳуан
Саԥхьа исԥыло пхыӡ избауан
Сазықәԥоит мчыла слахьынҵа схьаҵуам шьҭахьҟа
Иуадаҩзаргь зегь акоуп сцалоит пхьаҟа
Са сыбзиабара саԥылон
Амҩа иқәлан ишаауаз збауан
Са сыԥсҭазаара шьҭа ишәҭуа
Уи сама ицоит, сагоит иара
Сагоит хара
Са сыбзиабара саԥылон
Амҩа иқәлан ишаауаз збауан
Са сыԥсҭазаара шьҭа ишәҭуа
Уи сама ицоит, сагоит иара
Сагоит хара
Written by: Анри Гумба
instagramSharePathic_arrow_out