積分
AUSFÜHRENDE KÜNSTLER:INNEN
Виктория Лабия
Künstler:in
KOMPOSITION UND LIEDTEXT
Анри Гумба
Songwriter:in
歌詞
Аамҭа иагаз иара иазынхеит
Гәалас иҳамаз ҳгәаҵаҿ инхеит
Ацәаныррақәа уаҳа ишыҟам еилкаауп ушьҭа
Ихаҵа
Инымхаӡеит гәыбылрак зынӡа
Гәыӷрас иҟаз зегь нышәхеит
Амҩахәасҭақәа бгеит
Шьҭа ҳаидызҳәало акагь ыҟаӡам, ааи
Сгәеисыбжьи сареи ҳанхеит
Уи зегь иреиӷьу абжьы исаҳауаз
Исҳәоит сара абзиараз
Иахьа ари ахәылԥаз хыркәшоуп
Ихьамҵуа ихыркәшоуп
Акоуп ҳабжьара бзиарас инхаз
Ҳа ҳзын ихырҵәагоуп
Аҭоурых ду анҵәамҭоуп
Сгәы ихьанҭаз шьҭа иласхеит
Гәалас исымаз аӡы иама ицеит
Ицеит хараӡа, агәыӷрақәа хьбылуа
Зны ишсымчыз иҿысҭуан аха аӡәгьы имаҳаит
Нас аҭынчра аҟынӡа амҩа сыԥшааит
Сгәалашәарақеи сареи
Урҭ зегь иреиԥшым ахҭысқәа сзырӷәӷәаз
Исҳәоит сара абзиараз
Иахьа ари ахәылԥаз хыркәшоуп
Ихьамҵуа ихыркәшоуп
Акоуп ҳабжьара бзиарас инхаз
Ҳа ҳзын ихырҵәагоуп
Аҭоурых ду анҵәамҭоуп
Сгәаҿы иузнымкыло аԥша
Зегьы хзырбгало
Исҳәоит сара абзиараз еиҭа
Ари ахәылԥаз хыркәшоуп
Ихьамҵуа ихыркәшоуп
Зегь сҳәеит
Аҭынчра аҳауа иахьало
Исхагежьуа ихало
Сгәаҿы иԥырлааит
Еидкыло аԥҽыха хәыҷқәа
Исыргылоит абаа
Ҿыц аԥсҭазаара
Исҳәоит сара абзиараз
Иахьа ари ахәылԥаз хыркәшоуп
Ихьамҵуа ихыркәшоуп
Акоуп ҳабжьара бзиарас инхаз
Ҳа ҳзын ихырҵәагоуп
Аҭоурых ду анҵәамҭоуп
Сгәаҿы иузнымкыло аԥша
Зегьы хзырбгало
Исҳәоит сара абзиараз еиҭа
Ари ахәылԥаз хыркәшоуп
Ихьамҵуа ихыркәшоуп
Зегь сҳәеит
Written by: Анри Гумба